АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ахәаша, 28 Нанҳәа 2026 22:59
Ахада адҵа ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион быжьқыҭак ӡыла реиқәыршәара аус иалагарц уаҵәы ашьыжь инаркны
Иахьа ахәылбыҽха Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион аусбарҭаҟны аизара мҩаԥигеит араион администрациа анапхареи акапиталттә ргылара Аусбарҭа ахаҭарнакцәеи алархәны.
Ахәаша, 28 Нанҳәа 2026 12:33
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Нанҳәа рыдиныҳәалеит
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥшьаша, 27 Нанҳәа 2026 23:12
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа Аҳабла Ҿыц иҟоу ажәохәтәи ашкол иаҭааит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбар ҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа Аҳабла Ҿыц иҟоу ажәохәтәи абжьаратә школ иаҭааит.
Аԥшьаша, 27 Нанҳәа 2026 21:03
Аҟәа аофициалла иаатит урыстәылатәи ауаажәларратә центр «Ҳара ҳаицуп»
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои мҽхакыҭбаалатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рнаҩс иаадыртит урыстәылатәи ауаажәларратә центр «Ҳара ҳаицуп».
Аԥшьаша, 27 Нанҳәа 2026 17:11
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭааит Жәларбжьартәи акаҳуатә ныҳәа "Акаҳуатә цәқәырԥа"
Аԥсны Аҳәынтқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи акаҳуатә ныҳәа "Акаҳуатә цәқәырԥа" иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 23:54
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Адиоскәрқәа рыԥшаҳәаҟны амузыка қәырԥхагатә лашарбагақәа гәарҭеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҟны амузыка лашарбагатә қәырԥхагақәа ирыхәаԥшит. Агәаҭарақәа дрылахәын Аҟәа ақалақь Аусбарҭа ахада Ҭемыр Агрба.
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 21:26
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль иаҭааит
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 20:24
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәымба Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит
Адныҳәалараҟны аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 18:07
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои русуратә еиԥылара мҩаԥысит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои русуратә еиԥылара мҩаԥысит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ирзааҭгылеит аԥсуа-аурыс ганқәа русеицзура аҭагылазаашьа зеиԥшроуи аԥхьаҟатәи аихьӡарақәеи ртәы.
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 17:11
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә Хеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведеви ҭелла реицәажәара мҩаԥысит
Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи атәылауааи ахьыԥшымра азхаҵара Амш рыдиныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рыҿиара, урҭ ирыбжьоу астратегиатәи аиҩызаратәи ҟазшьеи инарыгӡо аҵакы, иара убас Урыстәыла азҿлымҳара шаанарԥшуа аԥхьаҟагьы аҩтәылак рыбжьара аимадара аизырҳаразы.
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 16:53
Сергеи Кириенко усуратә ныҟәарала Аԥсныҟа дааит
Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко усуратә ныҟәарала Аԥсныҟа дааит. Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҟны уи диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 13:04
Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь дигәалаиршәеит
Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны, Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь Имемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан.