АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Иахьа 34 ш. ҵит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) иалагеижьҭеи.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәалаиршәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит апроект «Уаҵәтәи аԥсшәа» захьӡу алахәылацәа. Аиԥылара далахәын Аҵара министр Хана Гәынԥҳа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Пицунда ақалақь ахада Агрба Русҭам Гарик-иԥа хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. 
Абри азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба адырра илҭеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәнба иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны Очамчыратәи ашкол-интернати Цандрыԥшьтәи алицеии рҿы аҵара шықәсҿыц азы иаартхоит аԥсуа бызшәеи алитературеи ркабинетқәа.
Аилатәара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, афымцамчы аминистр Баҭал Мышәба.
Аҳәынҭқарра анапхгара русура ахадаратә хырхарҭақәа ируакуп агәабзиарахьчара азҵаара. Убри атәы дазааҭгылеит иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба агәабзиарахьчара аминистр дызлахәыз аилацәажәараҟны. 
Абри атәы иалацәажәан иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵара Аминистри реиԥылараҿы.
Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан аҩганктәи русеицзура азҵаарақәа, азеиԥш проектқәа рынагӡара, урҭ рхыԥхьаӡараҟны ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара, иара убас аҩтәылак рзакәанԥҵарақәа шьаҭас измоу ауснагӡатәқәа реиҿкаара. 
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа анапы аҵаиҩит аргылареи аргыларатә индустриеи рхырхарҭала шықәсырацәалатәи иусурвзы Лев Қажьа-иԥа Амҷба  "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аргылаҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазарц.