АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Иахьа, нанҳәамза 30 рзы, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Очамчыра иамҩаԥысит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны 1992-1993ш.ш. рзы хабарда ибжьаӡыз ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. 
Аныҟәарақәа хықәкыс ирымоуп ақалақь 804 ш. ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәра. 
Уаҟа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала хатәгәаԥхарала аибашьра иалахәыз аветеранцәа рахь ааԥхьара иҟаиҵаз даԥхьеит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа:
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.
Аҭагылазаашьа сахцәажәар сҭахуп Ахада ихаҭыԥуаҩык иаҳасабала акәымкәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иаҳасабала, аибашьраҿы иҭахаз иҭаацәа рхаҭарнак иаҳасабала.
Имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара. Аусмҩаԥгатә далахәын аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
2026 шықәса жәабранмза 12 рзы Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Адҵа инапы аҵаиҩит ари Акомиссиа аԥҵаразы.  
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан аибашьра аветеран Елена Водзинскаиа дылҭааит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаны Аиааира 81 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан аибашьра аветеран Нонна Дорофеева дылҭааит.