АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахада Ихаҭыԥуаҩ иаҵшьны иҳәеит амилаҭтә спорт ахкқәа рырҿыхара амилаҭ ахаҿра аиқәырхаразы аҵак ду шамоу, иазгәеиҭеит ари апроцесс аҿар ралахәра ҷыдала агәахәара шунаҭо.   
Имҩаҧысит Аҧсны Аџьынџьтәылатә  еибашьраҟны (1992-1993ш.ш.) иҭахаз аибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭшьаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.
 Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан нанҳәамза 28 рзы Мықә ақыҭаҟны акафедралтә ныхаҟны имҩаԥысуаз Ицқьаӡоу Анцәадзыхшаз Лыцәеиқәыԥсара иазкыз Нанҳәа аныҳәа даҭааит.   Аныҳәатә нцәамаҵзура иацын византиатәи атрадициақәа инарықәыршәаны аԥсышәала ашәаҳәақәа. Урҭ наигӡон Афон Ҿыцтәи амонастыр ахылаԥшҩы амонахдикәан Давид (Сарсаниа). Анцәаратә литуригиа анаҩс аныхабаа акәша аныхачаԥақәа кны аџьартә ныҟәара мҩаԥган, уи ашьҭахь аныҳа аҭааҩцәеи асасцәеи Бадра (Боиан) Делба инапхгарала ахылаԥшыҩцәа еиҿыркааз аныҳәатә еишәа ашҟа инаԥхьан.