АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Амҽыша, 30 Нанҳәа 2026 17:23
Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит
Иахьа, нанҳәамза 30 рзы, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Очамчыра иамҩаԥысит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны 1992-1993ш.ш. рзы хабарда ибжьаӡыз ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа.
Ашәахьа, 17 Нанҳәа 2026 15:50
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа усуратә визитла Аладатәи Новгород иаҭааит.
Аныҟәарақәа хықәкыс ирымоуп ақалақь 804 ш. ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәра.
Асабша, 15 Нанҳәа 2026 13:28
Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаԥысит хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара амш иазкыз аусмҩаԥгатә. Ашәҭқәа рышьҭаҵара анаҩс, Р. Дасаниа ихьӡ зху акультура Ахан аҟны имҩаԥган хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаа рымш азгәаҭара
Уаҟа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала хатәгәаԥхарала аибашьра иалахәыз аветеранцәа рахь ааԥхьара иҟаиҵаз даԥхьеит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа:
Ахәаша, 24 Ԥхынгәы 2026 12:06
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра 2026 шықәса актәи азбжа аихшьалақәа рыла Гәылрыԥшь араион асоциал-економикатә ҿиара иазкыз аилацәажәара далахәын
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.
Аԥшьаша, 25 Рашәара 2026 14:38
Бигәаа Беслан Ақыҭа ашықәс амҩаԥгара инамаданы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит
Амҽыша, 21 Рашәара 2026 13:42
Бигәаа Беслан Аԥсны иҟоу урыстәылатәи Абжьаҟазаҩ Имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Аԥшьаша, 11 Рашәара 2026 21:17
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Б. В. иҟаиҵаз ахҳәаа
Аҭагылазаашьа сахцәажәар сҭахуп Ахада ихаҭыԥуаҩык иаҳасабала акәымкәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иаҳасабала, аибашьраҿы иҭахаз иҭаацәа рхаҭарнак иаҳасабала.
Ахәаша, 15 Лаҵара 2026 17:01
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара далахәын
Имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара. Аусмҩаԥгатә далахәын аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
Ахәаша, 15 Лаҵара 2026 15:57
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба ихьӡ анаӡаӡатәра иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит
2026 шықәса жәабранмза 12 рзы Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Адҵа инапы аҵаиҩит ари Акомиссиа аԥҵаразы.
Ахәаша, 08 Лаҵара 2026 16:35
Бигәаа Беслан аветеран Елена Водзинскаиа Аиааира Амш лыдиныҳәалеит
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан аибашьра аветеран Елена Водзинскаиа дылҭааит.
Ахәаша, 08 Лаҵара 2026 16:33
Ешба Беслан аветеран Нонна Дорофеева Аиааира Амш лыдиныҳәалеит
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаны Аиааира 81 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан аибашьра аветеран Нонна Дорофеева дылҭааит.