АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 30 Нанҳәа 2026 17:23

Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит

Иахьа, нанҳәамза 30 рзы, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Очамчыра иамҩаԥысит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны 1992-1993ш.ш. рзы хабарда ибжьаӡыз ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. 

Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. 

Агәалашәаратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аџьынџь ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан. Алахәцәа иргәаладыршәеит злахьынҵақәа иахьа уажәраанӡа еилкаам, аҭынхацәа ракәзар ихнымҳәыц ргәакьацәа ирызку ажәабжь ишазыԥшыц иазыԥшуп.  

Р. Ҵәыџьба ихьӡ зху акультура Аҩны аҟны имҩаԥысит агәалашәаратә еиԥылара. Араҟа ицәырган Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы иҭыхыз афотосахьақәа, хабарда ибжьаӡыз ирызку зынҵамҭа кьаҿу афильмқәа, иара убас аибашьра иалиааз ажәеинраалақәа. 

Аусмҩаԥгатә иалахәыз раԥхьа дықәгылауа, Беслан Бигәаа иазгәеиҭеит, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара хашҭра ақәымзарц шакәу, урҭ рыԥшаареи рлахьынҵа ашьақәыргылареи аԥхьаҟагьы ишрыцҵатәу. 

«Ҳарҭ иаҳгәалаҳаршәалароуп аибашьраҟны хабарда ибжьаӡыз. Дара зегьы Аԥсадгьыл рыхьчон, аҭынч ԥсҭазаара иазыҳәон, рҭаацәа ракәзар шықәсы рацәала ирзыԥшуп, ргәыӷрақәа реиҩжьом. Урҭ ргәалашәара - ҳара иаҳуалԥшьоуп, рлахьынҵақәа рышьақәыргылара ҳарҭ зегьы иаҳзеиԥшу усуп»,- иҳәеит Ахада ихаҭыԥуаҩ.

Read 2 times