Анаҩс, иеиҿкаан аҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аныҳәатә концерт, иара убас ақалақь ауааҧсыреи анхацәеи рзы егьырҭ акультура-массатә усмҩаҧгатәқәа.
"Есышықәса Гал ҧшӡахоит, напы адкылоуп, аныҳәа акәзар, есааира ауаа рацәа аднаҧхьалоит", - иҳәеит Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.