АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аибашьра еилгеижьҭеи ари ақыҭа анапхгара алшара рымамызт изыхәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵаны аус руыртә еиԥш. Шықәсыбжак аԥхьа аҳәынҭқарра Ахадеи араион анапхгаҩи еицәажәаны ақыҭа Анапхгаразы ахыбра шыргылатәыз иалацәжәеит. Иахьа уи ахыбра аргылара хыркәшоуп, дук хара имгакәа иаҭаху амаҭәахәқәа рыла иеиқәыршәаны аусура еиҿкаахоит.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!
«Никарагуа Ареспублика ҳаҭыр зқәу аицхадацәа Хосе Даниель Ортега, Росарио Мурильо!
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ҭоурыхла аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу, азеиԥш лахьынҵеи, аҳаҭыреиқәҵареи, акыршықәсатәи аидгылареи шьаҭас ишрымоу.
Ԥхынгәымза 17 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.
Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа илҳәеит ас еиԥш алагерқәа сынтәа ишеиҿкаау Очамчыреи Гагреи рраионқәа рҿы.
«Борис Виктор-иԥа патриот иашан, иус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, ихатә гәаанагара иман. Иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл амаҵ аура иазикит, иуаажәлар ринтересқәа рыхьчара дазықәԥон, амилаҭтә культура арҿиара дашьҭан. 
Аиԥылараҿы ирзааҭгылеит Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа.