АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 11:08
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дигәалаиршәеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны, Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 10:37
Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхарҵа амш аҽны Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рмемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз ауснагӡатә мҩаԥысит
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ахада Бадра Гәынба, аԥыза -аминистр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслов Гладков, Башкортостан Ареспублика Аиҳабыра аԥыза-аминистр Андреи Назаров, Аахыҵ-Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҩаша, 25 Нанҳәа 2026 15:35
Ахада Бадра Гәынба дидикылеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аректор Андреи Хазиаин
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дидикылеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аректор Андреи Хазиаин.
Ахәаша, 21 Нанҳәа 2026 15:54
Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит
Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змаз Ацҳаражәҳәаҩ Игор Мураҭ -иԥа Ахба иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит атәыла Ахада.
Ахәаша, 21 Нанҳәа 2026 15:35
Ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал еиҭарҿыцу аџьармыкьа Хада аартра ихы алаирхәит
Ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бадра Гәынба идҵала аџьармыкьа Хада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацаркын.
Ахәаша, 21 Нанҳәа 2026 14:20
Ахада Бадра Гәынба иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал даҭааит. Атәыла Ахада 2026.ш. актәи азбжазы аусурақәа реихшьала алҵшәа иазкыз араион актив аизараҟны дықәгылеит
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Тҟәарчалҟа рныҟәарақәа иҷыдоу аҵакы шамоу. Ари ақалақь ауааԥсыра зегь реиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, амацәыз иҭакыз рықалақь аанмыжькәа, ачҳареи афырхаҵареи аарԥшны рыԥсадгьыл рыхьчеит, гәкажьрак ҟамҵакәа аиҭарҿиара амҩа иануп, Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҟны урҭ рышьҭа нунагӡа хашҭра ақәымкәа иаанхоит. Ахада иажәақәа рыла, атәыла анапхгара еснагь аҭакԥхықәра ду шрыду рныруеит Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчали уи анхацәеи рҿаԥхьа.
Аԥшьаша, 20 Нанҳәа 2026 20:59
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Калужсктәи аобласт агәбернатор Владислав Шапшу дидикылеит
Аиԥылара иалахәын Аԥыза-аминистр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Ахаша, 19 Нанҳәа 2026 19:30
Бадра Гәынба С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 95-тәи атеатртә сезон ахыркәшара иазкыз ахәылԥаз даҭааит
Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭан:
Ахаша, 19 Нанҳәа 2026 17:50
Апсны Ахада Бадра Гәынба адышшылара ҟаиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 1941-1945ш.ш. аветеран Алеқсеи Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы
«Гәалсра дула исыдыскылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алеқсеи Екәыԥ-иԥа Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз.
Аҩаша, 18 Нанҳәа 2026 18:53
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба адышшылара ҟаиҵеит Урыстәыла иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз
«Гәалсра дула исыдыскылеит Игор Мураҭ-иԥа Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз - Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟаз азинмчы нагӡа змаз раԥхьатәи Ахаҭарнак, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчараҟны злагала акырӡа идууз.
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 14:11
Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Мараҭ Камболов Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлари рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб- иԥа!
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 12:23
Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит Аԥсны аиааира агаразы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала абаҟа дыргылараны иахьыҟоу аҭыԥ аҟны ахаҳә ашьҭаҵара
Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, нанҳәамза 14 - алахьеиқәҵареи агәалашәареи ишрымшу, усҟан атәылаҟны ишыргәаладыршәо Аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара, аиааиреи ахьыԥшымреи зыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзаазгаз. Ари амш наунагӡа Аԥсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылаз ҳажәлар рфырхаҵареи ргәаларшәареи ирсимволны иаанхоит.