АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аилацәажәара рхы аладырхәит Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, аекономика аминистр Ҭеимураз Миқвабиа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа адиректор Руслан Блиндиук. 
Атәыла анапхгара аҭааит Очамчыра ақалақь Мираб Кьышьмариа иҩны, иҭабуп ҳәа иарҳәеит шықәсы рацәалатәи иџьабаазы, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира аҟны хәы змам илагалазы. 
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсныжәлари лареи ирыдиныҳәалеит аҩажьиԥшьбатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, арҭ ашықәсқәа зегьы афестиваль амузыкеи аҟазара ҳараки ишырныҳәа духаз, атәылауааи асасцәеи уи ргәы хыҭ-хыҭуа ишазыԥшу. 
Аҩажәиԥшьбатәи Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" мҩаԥысуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ашҭаҟны. 
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса имҩаԥнаго аԥхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» х-гәыԥкны ишьақәгылоуп.
Ақыҭауаа иара иахь ааԥхьара аныҟарҵа Аԥсны Ахада араион анапхгара адҵа риҭеит апроблема аӡбара нап адыркырц. Иахьа актәи аетап хыркәшоуп. Амҩа ырҭбаауп, ахаҳә ықәыԥсаны еиҵыхуп, аӡымҩангагақәа авжаауп. Амҩа аура ԥшькилломентраки бжаки ыҟоуп.