АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 20:24

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәымба Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит

Адныҳәалараҟны аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! 

Нанҳәамза 26 - Аԥсны аҭоурых ҽыц адаҟьақәа рыҟны аҵак ду змоу иалкаау мшуп. Абри аҽны, 18 шықәса раԥхьа, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшьымра азханаҵеит. 

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира анаҩс, ҳҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҟны, хымԥада, акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит. Ҳадгьыл гәакьа аҟны иҳалҳаршеит аиашара ашьақәыргылара. 2008шықәса нанҳәамза 26 рзы ҳхьыԥшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа, зықьҩыла хаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ззықәԥоз, рыԥсҭазаарақәагьы зыхҭнырҵаз. 

Абри амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳмыршәарц залшом ҳԥызацәа - Владислав Григори-иԥа Арӡынба, иара инапхгарала Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҟны иган аиааира, ҳҳәынҭқарра иазааган ахьыԥшымра, Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара ихьӡ узаҟәымҭхо иадҳәалоуп Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. 

Ҳарҭ гәахәара дула иаҳгәалаҳаршәоит ҳтәыла аҭоурых аҟны еиҳа иуадаҩыз аамҭазы Урыстәылеи уи ауаажәларреи иаадырԥшыз адгылара. Ҷыдала ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара - Владимир Владимир-иԥа Путини Дмитри Анатоли-иԥа Медведеви иаадырԥшыз аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭакԥхықәра.

Ас еиԥш иҟоу аполитика аҭоурыхтә ԥашә ҵаулақәа амоуп. 2028 шықәса нанҳәамзазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведев, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы аҭоурыхтә ӡбамҭа идикылеит. Урыстәылатәи анапхгара рҟынтә акрызҵазкуа ари аҩыза ашьаҿа ҳмилаҭә хдырраҟны наунагӡа хашҭра ақәымкәа иаанхоит. 

Иаҳхысхьоу ашықәсқәа ирылагӡаны, Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала ҭынч аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиа аман, иара убас ахатәы мҩа алхра аус аҟны, аҳәынҭқарратә институтуқәа, аекономика, асоциалтә хырхарҭа арӷәӷәара азҵаарақәа рыӡбараҟны. Иахьа ҷыдала еилаҳкаауеит ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа хәы змам аҵакы шамоу. 

Ҳарҭ иаҳуалԥшьоуп ҳхьыԥшымреи ҳҳәынҭқарреи рыхьчара, Аԥсадгьыл ахьчара зхы ахҭнызҵаз ҳаибашьцәа гәымшәақәеи еизҳауа абиԥарақәеи рҿаԥхьа уи ҭакԥхықәра дуны иҳадуп.

Агәра ҳгоит, аԥхьаҟа Аԥсны зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара шаиуа. Ҳарҭ уи ахықәкы ҳазцалоит ҳҳәынҭқарра есааира ирӷәӷәауа, ҳгәылареимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рҿиауа, иара убас ҳажәларқәа ракзаара хьчауа. 

Абри аныҳәа амш аҽны, Аԥсны атәылауаа зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, агәабзиара, аихьӡарақәа, уаҵәтәи амш агәрагара. 

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! 

 Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара амш!

Read 22 times