АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 23:54

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Адиоскәрқәа рыԥшаҳәаҟны амузыка қәырԥхагатә лашарбагақәа гәарҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҟны амузыка лашарбагатә қәырԥхагақәа ирыхәаԥшит. Агәаҭарақәа дрылахәын Аҟәа ақалақь Аусбарҭа ахада Ҭемыр Агрба. 

Алашарбагатә қәырԥхага аӡыргара иазыхиоуп, ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит. Аҟәа аԥшаҳәаҟны иазгәаҭоуп амузыкатә лашарбагатә система 17 позицианы реидкылара. Уажәазы жәаба аус руратәы иҟоуп. 

Амузыка қәырԥхагатә лашарбага аус аулоит иазыԥҵәоу аамҭа аҽақәыршәаны, усҟан атәылауааи асасцәеи алшара рымоуп зеиӷьыҟам аԥшӡара абара.

Read 17 times