АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 17:11

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә Хеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведеви ҭелла реицәажәара мҩаԥысит

Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи атәылауааи ахьыԥшымра азхаҵара Амш рыдиныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рыҿиара, урҭ ирыбжьоу астратегиатәи аиҩызаратәи ҟазшьеи инарыгӡо аҵакы, иара убас Урыстәыла азҿлымҳара шаанарԥшуа аԥхьаҟагьы аҩтәылак рыбжьара аимадара аизырҳаразы. 

Бадра Гәынба Дмитри Медведев иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, 2008 ш. нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз аӡбамҭазы. 

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иазгеиҭеит, ари ашьаҿа Аԥсны аҭоурых аҟны наунагӡа хашҭра ақәымкәа ишаанхо, аԥсуа жәлар ҳатырқәҵара дула ишазнеиуа ас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә хҭыс. Урыстәылатәи анапхгара ирыдыркылаз аӡбамҭа ҳажәлар шәышықәсала иззыҳәоз шакәыз - жәларбжьаратәи аилазаара иазханаҵаз, зых иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарраҟны анхара. 

 Аицәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа азааҭгылеит аурыс-аԥсуа жәлар реизыҟазаашьақәа рыҿиара, реиҩызареи русеицзуреи рымҽхак аизырҳара, Урыстәылеи Аԥсынтәылеи ажәларқәа ирыбжьоу аимадарақәа рырҭбаара.

Read 17 times