АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 15:24

Ахада «Иҭышәынтәаланы аҿиара, аԥызара, арҿыцрақәа» атемала иеиҿкааз Аус знапы алаку аҳәса жәларбжьаратәи рфорум «Аԥсны-2026» аартра далахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аусмҩаԥгатә иалахәыз асасцәа аԥсшәа реиҳәеит, азанааҭтә еимадареи аԥышәа аимдареи рзы афорум иамоу аҵак ду азгәаҭаны. 

▫️ Гәынба Бадра иқәгылараҟны иҳәеит:

▫️ «Ҳаҭыр зқәу афорум алахәцәа!

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аус знапы алаку аҳәса жәларбжьаратәи рфорум «Аԥсны-2026» аартра.

▫️ Иҭабуп расҳәоит аамҭа ԥшааны иаҳҭааз асасцәа, аҵак ду змоу ари аиҿцәажәара аҽалархәразы, аԥышәеи аидеиақәеи реимдаразы. Шәара ара шәыҟазаара аусеицура, агәреибагара, аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы алшара ҿыцқәа раԥҵараҟны лагаламҭа бзианы иҟалоит.   

▫️ Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп афорум аиҿкааҩцәа. Шәара шәаԥшьгарақәа, иаашәырԥшуа агәацԥыҳәара иабзоураны иҿыцу, аԥхьагылара змоу аидеиақәа ахьцәырҵуа аҭыԥқәа аԥҵахоит. Ас еиԥш иҟоу афорумқәа аҵак ҷыда рымоуп. Урҭ азанааҭқәа ахьеидыркыло анаҩсгьы, ҳаамҭазтәи адунеи аҟны аҳәса рроль шьақәдырӷәӷәоит - аекономикаҟны, анапхгараҟны, ауаажәларратә ԥсҭазаараҟны.   

▫️ Аԥсуа уаажәларраҟны аԥҳәыс ахаангьы аҭыԥ ҷыда ааннылкылон; уи ахәышҭаара аиқәырхара, аҟәыӷара, агәамчи, ааӡара бзиеи дырсимволын. Аҳәса роуп изааӡоз ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Уи дырҵабыргуеит ажәытәтәи аҳәамҭақәа, Нарҭаа репос. Аҟәыӷареи агәамчи ирсимволуп Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа. 

▫️ Ахә ашьара уадаҩуп аԥҳәыс лроль Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан урҭ аӡәырҩы рашьцәа ирывагыланы бџьаршьҭыхла аԥсадгьыль ахьчаразы игылеит. Ҳара ахаангьы иҳазшәараны ҳаҟаӡам Аԥсадгьыл Афырхацәа зааӡаз анацәа рҿаԥхьа иҳаду ауал.  

▫️ Иахьагьы Аԥсны иқәынхо аҳәса атәыла аҿиараҟны аҵак ду змоу аҭыԥ ааныркылоит. Урҭ қәҿиарала аус руеит аполитикаҟны, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә ԥсҭазаараҟны, абизнес аҟны, аҵараиураҟны, акультураҟны. Урҭ ҳреспублика аҿиараҟны рлагаламҭа изыхәҭоу ахәшьара амоуп. 

▫️ Сара агәра згоит афорум аҟны актуалра змоу, акрызҵазкуа атемақәа шышьҭыххо – иҭышәынтәаланы аҿиареи арҿыцрақәеи инадыркны анаплакра адгылараҟынӡа, ҳқыҭақәа рыҿиара аусгьы убрахь иналаҵаны.  

 

▫️ Акыр иаԥсоу афорум алахәцәа!

 

▫️ Ишәзеиӷьасшьоит хра злоу, ҵакыла ибеиоу аиҿцәажәарақәа, аихьӡарақәа.».

Read 51 times Last modified on Асабша, 25 Мшаҧы 2026 15:34