АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026 18:21

Гәынба Бадра Аерманцәа ргеноцид амш агәаларшәара инамаданы аерманцәа реидгылахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аерманцәа ргеноцид амш агәаларшәара инамаданы аерманцәа реидгылахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны аермантә еидгылара ахаҭарнакцәа!

Мшаԥымза 24 - аерманцәа ргеноцид агәалашәара амш - аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагеидиатәу рыцхәуп. Харада иҭархаз ргәалашәара аҿаԥхьа ҳҳырхәоит, ари арыцҳара зкьысыз зегьы гәалсра дула рхьа рыцеиҩаҳшоит.   

▫️ Арҭ ахҭысқәа зегьы шаҳаҭра руеит ацәымӷреи аибамычҳареи рыхҟьа-ԥҟьақәа шыбааԥсхо есқьынгьы.  

Аԥсны аерманцәа реидгыла хауаажәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Акыршықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла аҿиараҟны шәлагала ду адышәҵоит. Шәара шәааԥсара, иеиқәырханы иаажәго шәытрадициақәа Аԥсны жәлар ркультура ганрацәала иарбеиоит. 

Иахьа зегьы ҳалахә еиқәуп, убри аангьы ари амш аҳаҭыреиқәҵара, ажәларқәа ракзаара еиԥш иҟоу аҵас бзиақәа рышьақәырӷәӷәара иазҳәоуп. Ари арыцҳара ду агәаларшәара ажәларқәа реидгылара, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа ргәынҽаҵареи рацәыхьчареи иазкызааит». 

Read 41 times