АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Амҽыша, 12 Жьҭаара 2025 12:20
Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Ахәаша, 10 Жьҭаара 2025 19:27
Ахада ацитрустәқәа сынтәатәи рҽаҩра ралгара алыршара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит
Аԥшьаша, 09 Жьҭаара 2025 01:17
Ахада Тҟәарчал ақалақь аҟны арҿыҵратә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Аҩаша, 07 Жьҭаара 2025 13:26
Гәынба Бадра Владимир Путин Иира амш идиныҳәалеит
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иира амш идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Шәара иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩуп, ҳаамҭазтәи ҳаҭыр зқәу аԥызацәа дуқәа шәыруаӡәкуп. Шәара шәҟәыӷареи, харатәи шәылаԥшҳәааи, хара инаԥшуа аполитик иаҳасабала имҩаԥыжәго аполитикеи ирыбзоураны, Урыстәыла иаԥсоу аҭыԥ ааннакылоит адунеи амчрақәа рыбжьара, жәларбжьаратәи ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, аиашареи рус аҟны аҵак ду змоу алагала ҟаҵо.
Аԥсны жәлар итабуп ҳәа шәарҳәоит иаашәырԥшуа адгылареи азҿлымҳареи рзы. Шәара хаҭалатәи шәлагаламҭа иабзоураны ҳтәыла ашәарҭадара алыршоуп, рынагӡара мҩыԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиараҟны алшара ҿыцқәа аԥызҵо мҽхакыҭбаалатәи, акрызҵазкуа асоциалтәи , аҵараиуреи, агәабзиарахьчареи, аинфраструктуреи рхырхарҭала апроектқәа,.
Москва имҩаԥысыз Аиааира Ду 80 ш. ахыҵра амшныҳәаҟны ҳаиԥылара гәыблыла исгәаласыршәоит. Усҟан иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа иахьа қәҿиарала рынагӡара мҩаԥысуеит, уи алҵшәақәа ҳтәылауаа ирымбарц залшом.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра ду зцу аԥсадгьыл амаҵ аураҟны аихьӡара ҿыцқәа.
Урыстәыла Ду ажәлар – аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.
Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 20:57
Аҧсны Ахада Гәынба Бадра Гагра араион ахақәиҭтәразы адныҳәалара ҟаиҵеит
Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 12:52
Гәынба Бадра Мураҭ Кумпилов Ареспублика амш идиныҳәалеит.
Амҽыша, 05 Жьҭаара 2025 16:16
Ахада Иусԥҟала аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз» ранашьоуп Аԥсны арҵаҩцәа
Амҽыша, 05 Жьҭаара 2025 15:25
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Арҵаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Ахаша, 01 Жьҭаара 2025 23:27
Гынба Бадра иҷыдоу арратә операциаҟны иҭахаз Бигәаа Баҭал иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит
Ахаша, 01 Жьҭаара 2025 23:06