АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 18:18

Иахьа имҩаԥысит Гәынба Бадреи Сергеи Безрукови реиԥылара

 Асас аԥсшәа иаҳәо, Ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу акультуратә еимадарақәа рыҩаӡара шыҳараку, иаҵшьны иҳәеит арҿиара знапы алаку зыхьӡ нагоу ауаа Аԥсныҟа раара даҽазныкгьы шаҳаҭра шауа аҩ-тәылак ирыбжьоу агуманитартә еимадарақәа рымҽхак шыҵаулоу атәы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аԥсны иаҭаауа артистцәа гәахәарыла ишрыдыркыло, уи даҽазныкгьы ишышьақәнарӷәӷәо ҩ-ганктәи аусеицура ахаҭабзиара.

 

Ахада иазгәеиҭеит афестиваль амҩаԥгара аҵак ду шамоу еизҳауа абиԥарақәа рзы. Бадра Гәынба Сергеи Безруков иҭабуп ҳәа иеиҳәеит апроект Аԥсны анагӡара ахьымҩаԥгысуазы,  ари аԥхьа уи Норвегиа ишымҩаԥысхьаз азгәаҭаны, уажәтәи арахь раара жәларбжьаратәи агеографиа шарҭбаауа.

 

Ахада иажәақәа рыла, апроект ахәыҷқәеи аҿари рзы рырҿиаратә еизҳаразы иуникалтәу алшарақәа шаԥнаҵо, инагоу урыстәылатәи авторцәа рбартә еиԥш аҭагылазаашьа шрымоу, иара убас аԥышәамдаразы имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа рыҟнытә хәы змам адыррақәа шроуа.    

 

 Сергеи Безруков Ахада изеиҭеиҳәеит афестиваль апрограмма шбеиоуи уи алшарақәеи ртәы, иара убас иҳәеит раԥхьаӡа акәны Аԥсны дшаҭааз. Артист иажәақәа рыла, уажәаԥхьа Аԥсныҟаа дахьымаацыз игәы иалоуп.

 

Иара убас иазааҭгылан Аԥсны зымҩаԥгара алыршахар ҟало апроектқәеи аԥхьаҟатәи агәҭакқәеи Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль аҳәаақәа рынҭыҵгьы.

 

Сергеи Безруков иҳәеит Аԥснынтә абитуриентцәа рыдкылара дшазхиоу иааиуа ашықәс азы ВГИК аҟны иара иактиор-режиссиортә ҟазарҭахь. Иҳәеит хаҭала иара Аԥсныҟа даарц шилшо аицлабраҟны иалахәхо абитуриентцәа ралхразы.

   

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Ахада актиор ҳамҭас ианеишьеит Фазиль Искандер исахьа зну агәаларшәагатә монета.

 

Read 33 times Last modified on Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 18:45