АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Ԥхынгәы 2026 18:56

Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны усуратә визитла иаҭааз Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханов диԥылеит

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит арҭ аиашьаратә еимадара ӷәӷәақәа ршьапы шыркхьаз ҩ-республикак раԥхьатәи рхадацәа Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви.

 

 Бадра Гәынба иҳәеит еиҳа иуадаҩыз аамҭазы — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан — Аԥсны Ҭаҭарсҭан аиашьаратә жәлар аҟнытә адгылара ӷәӷәа шамаз. Атәыла ахада дазааҭгылеит 1993 шықәса абарҭ амшқәа рзы шакәу, аибашьра аилашымҭаз Казань Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра анаартыз, уи ҳтәыла адгыларазы агәацԥыҳәара ӷәӷәа шанаҭаз. Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахәшәқәеи, зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи, анефҭаалыҵқәеи рыла ацхыраара ҟанаҵон — арҭ зегьы Аԥсны ажәлар адгылара рыҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҵан. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахаангьы ишырхамышҭуа Ҭаҭарсҭани, Башкортосҭани, Ҟазахсҭан Ахадеи рнапхгаҩцәа ақырҭуа ар ралгареи аибашьра аанкылареи рзы иҟарҵаз ааԥхьара. Атәыла ахада иазгәеиҭеит урҭ амшқәа рзы ари аӡбамҭа атәылауаа ргәы шышьҭнахуаз, атәыла аиҩызаратә республикақәа рганахьала узықәгәыӷша адгылара шамоу агәрагара ӷәӷәа шрынаҭоз.

 Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ари аиашьаратә еимадарақәа рыҩаӡара ҳаракы Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханов адгылара шаиҭо, иахьа иҟаиҵо ацхыраара хәы шамам. Бадра Гәынба ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ахиҳәааит атәыла ауааԥсыреи асасцәеи бзиа ирбо ԥсшьарҭа ҭыԥны иҟоу Аҟәа ирҿыцу аԥшаҳәа аартра, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари зымҽхак ҭбаау апроект ахәҭак уажәы Ҭаҭарсҭани уи анапхгаҩы илагаламҭеи ишрыдҳәалоу.

Также Глава государства отметил значимость проведения в Абхазии национального праздника Сабантуй, назвав его прекрасной возможностью для культурного обогащения и демонстрации самобытности татарского народа.

  Иара убасгьы атәыла Ахада иазгәеиҭеит Амилаҭтә ныҳәа Сабантуи амҩаԥгара Аԥсназы аҵакы шамоу, уи акультуратә беиареи аҭаҭар жәлар рҷыдара аарԥшреи рзы зеиӷьаҟам лшароуп ҳәа ахиҳәааит.

Рустам

Минниханов иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥхарра зҵаз адкыларазы, иҭабуп ҳәа реиҳәеит аимадарақәа рыҿиара азҿлымҳаразы, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәагьы уахь иналаҵаны, инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны аимадарақәа рырӷәӷәаразы активла аусура аҵак ду шамоу.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Сабантуи амилаҭтә ныҳәа аԥсуа дгьыл аҿы амҩаԥгара-ари иузааигәоу ажәларқәа еидызкыло культуратә хҭысны ишыҟоу.

Рустам

Минниханов ахәаахәҭра-економикатә усеицура аусхкқәа зегьы уасхырс ирзиҳәеит, акультуреи, аспорти, аҵареи налаҵаны. Ахырхарҭа хадақәа ирыликааит ақыҭанхамҩа, афатә аарыхра, атуризм. Рустам Минниханов иара убасгьы иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аимадарақәа рҭоурыхтә шьаҭа ҵаулақәа, урҭ ауасхыр ашазышьҭарҵахьаз имариамыз аамҭазы Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви

 Русҭам Минниханов аусеицураҟны акрызҵазкуа хырхарҭаны иазгәеиҭеит аҵараиуратә усхк. Ҭаҭарсҭан Ахада иҳәеит аԥсуа студентцәа ақыҭанхамҩеи, аветеринариеи, афымцамчи, архитектура-ргыларатә уси реиԥш иҟоу зыда ԥсыхәа ыҟам ахырхарҭақәа рыла разыҟаҵаразы алшарақәа рырҭбаара ишазыхиоу, иара убас аус зуа аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи рзанааҭтә дырра аизырҳареи реиҿкаара.

 Ҭаҭарсҭан анапхгаҩы Аԥсны иазыҟазаашьа атәы далацәажәо иҳәеит атәыла аԥсабара аԥшӡара, иара убас ауааԥсыра ргәаартреи рыразреи азгәаҭаны.

Рустам Минниханов ареспублика аҿиаразы иазԥхьагәаҭоу зегьы қәҿиарала рынагӡара шалыршахо азы агәрагара ааирԥшит, инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭаҭарсҭан еснагь узықәгәыӷша партниорны ишаанхо.

Рустам Минниханов иара убас иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аҵакы змоу ироль атәы, Урыстәыла еиԥш Аԥсынгьы иаиҭо адгылара ахәарҭара ду шамоу, ҳаҭыр зқәу напхгаҩуп ҳәа азгәаҭаны.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәареи, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи, активла адгылареи рҿы хаҭалатәи илагала ду азы Аԥсны Ахада гәынба Бадра Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханов ианеишьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара.

Read 45 times