АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 08 Лаҵара 2026 19:41

Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Гәынба Бадра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит

«Ҳаҭыр Зқәу Бадра Зураб-иԥа,

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 81-тәи шықәса ахыҵра амш.

Акрызҵазкуа ари арыцхә азы ҳара ҳаҭыр рықәаҳҵоит аибашьра адәаҿы агәымшәара ҷыдеи аџьатә фронт аҿы ахамеигӡареи аарԥшны зыԥсадгьыл ахьыԥшымра ахьчара, адунеи зегьы азы иҟаз ашәарҭа аҿагылара зылшаз зегьы.

Аиҩызареи аидгылареи рыпринципқәа иахьагьы Урыстәылеи Аԥсни реидгылареи ирыбжьоу астратегиатә еизыҟазаашьеи уасхыр ӷәӷәаны ирзышьҭоуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳара ҳаизыҟазаашьақәа анаҩсгьы аҩ-тәылак руааԥсыра реизҳазыӷьара, иара убас Кавказ зегьы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршаразы аҿиара шрауа.


Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, аҳәара ҟасҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа реиԥш, атыл аҟнытә ацхыраара ду ҟазҵозгьы сыхьӡала иҭабуп ҳәа раҳәаразы, ирзеиӷьасшьоит анасыԥ, ақәра ду, ахирра».

Read 42 times