Азеиԥшреспубликатә субботник мҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы.
Ахада Иадминистрациа аусзуҩцәа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҵакыра рыцқьаны аҭыԥ иқәырҵеит.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан иазгәеиҭеит Лаҵарамза 9 азгәаҭара аҽазыҟаҵара раԥхьа иргыланы аибашьра афырхацәа ргәаларшәара иазкуп, иаҵшьны иҳәеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду шрымоу.