Print this page
Ахәаша, 28 Нанҳәа 2026 22:59

Ахада адҵа ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион быжьқыҭак ӡыла реиқәыршәара аус иалагарц уаҵәы ашьыжь инаркны

Иахьа ахәылбыҽха Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион аусбарҭаҟны аизара мҩаԥигеит араион администрациа анапхареи акапиталттә ргылара Аусбарҭа ахаҭарнакцәеи алархәны. 

Аизараҟны иалацәажәон Дәрыԥшь ақыҭа иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны ӡыда иаанхаз быжьқыҭак рҭагылазаашьа. 

Иҟалаз ахҭыс аԥхасҭа анаҭеит 5000 м. аӡымҩангагатә ҭыԥ, уи иахҟьаны быжьқыҭак ӡыда иаанхеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аҭакԥхықәра здыз аусбарҭақәа авба риҭеит иахьатәи амш иалагӡаны аусурақәа иахьрыламгаз. 

Ахада иазгәеиҭеит иаарццакны аус аҭыԥ ишықәҵатәу, уаха иахәҭоу атехника аҭыԥ ахь инаргарц, даҽа мышкы уи иақәыдмырӡырц, уаҵәы ашьыжь инаркны аусурақәа нап адыркырц. 

Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа иҳәеит, зегь раԥхьа иргыланы 300 м. амҩа шрыцқьатәу, анаҩс ауп ааха зауз аӡымҩангагатә ҭыԥ аиҭашьақәыргылара аналыршахо. 

Иазгәаҭан аамҭала апластикатә трубақәа шьақәдыргыларц, анаҩс урҭ ԥсаххар шалшо аихатәқәа рыла. Уи аамҭа кьаҿк иалагӡаны анхарҭатә ҭыԥқәа ӡыла реиқәыршәара аус иацхраауеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа зегьы адҵа риҭеит иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы азгәаҭаны иаарласны ақыҭауаа ӡыла еиқәдыршәарц.

Read 12 times