Print this page
Аԥшьаша, 27 Нанҳәа 2026 23:12

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа Аҳабла Ҿыц иҟоу ажәохәтәи ашкол иаҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбар ҭа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа Аҳабла Ҿыц иҟоу ажәохәтәи абжьаратә школ иаҭааит. 

Дара игәарҭеит ашкол аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо, уи адгылара анаҭеит Аҳәынҭқарратә корпорациа "Росатом". Ашкол адәахьтәи аусурақәа хыркәшоуп, иара убас уи иаҵанакуа адгьылҵакыра нап адкылоуп. 

2025ш. цәыббрамза 30 рзы ашкол аҟны "Росатом" ацхыраарала иаартын иҿыцу аспорттә хәмарырҭа. Убасҟан ицәырҵит аԥшьгара ашкол аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы, "Росатом" акәзар ахахьы иагеит ацхыраара аҭара.  

Аҵарадырратә инфраструктура арҿыцра Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥш усеицура иахәҭакуп, еизҳауа абиԥара аҭагылазаашьа бзиа рзаԥнаҵоит рдырра аизырҳаразы. Ажәохәтәи абжьаратә школ аиҭашьақәыргылара ҿырԥшы бзиоуп асоциалтә хырхарҭа аганахь ала атәыла асистематә цхыраара аҭара аусхк аҟны.

Read 13 times