Print this page
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 21:26

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль иаҭааит

▫️

▫️ Аартра ацеремониа амҩаԥгараан Сергеи Кириенко Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟнытә адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит:

 

▫️"Гәык-ԥсыкала салам шәысҭоит есқьынгьы асас идкылара иазхиоу Аҟәа, Аԥсни Урыстәыла арегионқәа жәпаки рҟынтәи алахәцәа еизызгаз Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль аҟны.

▫️ Асимволтә ҵакы амоуп шәхаҭарнакратә рҿиаратә хәаԥшра амҩаԥгара иахьатәи амш иахьақәшәаз - ҳтәылақәа рзы агәалашәаратә амш. 18 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит. Аҵак ду змоу ари ашьаҿа ихацнаркит аофициалтә, аконструктивтә, наҟ-ааҟ иаҳзыфеидоу ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, ҳажәларқәа азеиԥш ҭоурыхи, адоуҳатәи ауаҩышәаратәи ҵас бзиақәа рыла иеидҳәалоу традициала ирыбжьоу аиҩызаратә еимадарақәа рырҵаулара иацхрааит.

▫️Хымԥада, афестиваль ахьӡ аҵакы ҵаулоуп. Аԥсны ҳәарада иззыгәдуу рацәоуп. Имариамыз ақәԥараҿы закәанла иамоу ахақәиҭреи асуверенитети рзин хьчаны, инеиԥынкыланы иаҿуп аҳәынҭқарратә институтқәа реиӷьтәра, аекономикеи асоциалтә усхки рырӷәӷәара, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршараҿы алагала ҟанаҵоит. Урыстәыла аринахысгьы Аԥсны ганрацәала адгылара анаҭалоит арҭ ахырхарҭақәа рҿы, амилаҭтә культура аиқәырхареи арбеиарагьы налаҵаны.

▫️ Агәра згоит шәфорум Ареспублика аԥсҭазаараҿы иазгәаҭахо хҭысны ишыҟало, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицура арҿиара ишацхраауа.

Афестиваль иалахәу ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацԥыҳәара, хыԥхьаӡара рацәала иҟоу асасцәа – агәалаҟазаара бзиа».

Read 21 times Last modified on Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 21:38