Print this page
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 16:53

Сергеи Кириенко усуратә ныҟәарала Аԥсныҟа дааит

Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко усуратә ныҟәарала Аԥсныҟа дааит. Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҟны уи диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. 

Анаҩс, Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Ахьӡ-Аԥша апрак аҟны Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Рмемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. 

 Ауснагӡатә мҩаԥган Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 18ш. анахыҵ амш аҽны - 2008 ш. нанҳәамза 26 рзы. Ари аҭоурыхтә хҭыс аҩганк реизыҟазаашьақәа рырҿиареи ажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәеи рырӷәӷәареи уасхырс иазыҟалеит.

Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп аиԥыларақәеи аилацәажәарақәеи жәпакы, урҭ хықәкыс ирымоуп асоциалтә, аекономикатә, аинфраструктуратә хырхарҭақәа рыла азеиԥш проектқәа аус рыдулара, иара убас урыстәылатәи арегионқәа рыцхыраарала зеиҭашьақәыргылара иаҿу ахыбрақәа рҭаара.

Read 18 times