Print this page
Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 11:08

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дигәалаиршәеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны, Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.  

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-аминистр Владимир Делба, Аԥсны Жәлара Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Башкортостан Ареспублика Аиҳабыра рԥыза-министр Андреи Назаров, Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. 

2008 ш. нанҳәамза 26 рзы Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит, аԥсуа жәлар уи алдыршеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993ш.ш. анцоз аамҭазы Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихантәаҩрала.

Read 16 times Last modified on Ахаша, 26 Нанҳәа 2026 12:32