Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ахада Бадра Гәынба, аԥыза -аминистр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслов Гладков, Башкортостан Ареспублика Аиҳабыра аԥыза-аминистр Андреи Назаров, Аахыҵ-Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
2008 ш. нанҳәамза 26 рзы, Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев Аусԥҟа анапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы.