Print this page
Аҩаша, 25 Нанҳәа 2026 15:35

Ахада Бадра Гәынба дидикылеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аректор Андреи Хазиаин

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дидикылеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аректор Андреи Хазиаин. 

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан акадрқәа разыҟаҵаразы Аԥсни Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университети рыбжьара аусеицзура арҿиара.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, Аԥсныжәлар аамҭа уадаҩ ианҭагылаз ашықәсқәа рзы ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргыларазы иҟарҵаз алхра иадгылаз ауаа ҷыдала ишырзыҟоу.

Андреи Хазиаин, 2028 ш. рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак алахәылас дыҟан, Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала азхаҵаразы абжьы аиҭеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада Андреи Хазиаин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адгыларазы, иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаа ҳаҭырқәҵарыла ишырзыҟоу аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара иадгылаз зегьы. 

Бадра Гәынба иҳәеит, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи зыҩаӡара ҳараку аизыҟазаашьа шрыбжьоу.

"Ҳарҭ ирыцаҳҵоит ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу астратегиатә еизыҟазаашьақәа!",-иҳәеит Ахада. 

Ахәҭакахьала, Андреи Хазиаин ажәалагала ҟаиҵеи, Аԥснытәи абитуриентцәеи астудентцәеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аҟны рҵрара-дырра аизырҳаразы аҭагылазаашьа амҽхак ырҭбаазарц. 

Аԥсны Ахада Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аректор иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иааирԥшыз аԥшьгаразы, агәыӷрагьы ааирԥшит аԥхьаҟа русеицзура аҿиара шаиуа.

Read 14 times