Print this page
Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 17:32

Ахада Аԥсны аҳҭнықалақь - Аҟәа 2510 ш. ахыҵра иазку аныҳәатә концерт даҭааит

Аусмҩаԥгатә аҟны дыҟан иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

 

Ахада иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Аҟәа 2510 ш. ахыҵра иамоу аҵакы, убри аан иазгәеиҭеит адунеи аҟны ишырацәам ас еиԥш ижәытәӡоу аҭоурых змоу ақалақьқәа. Иҳәеит «Аԥсны иқәынхо зегьы ҳзы Аҟәа ҳҳәынҭқарреи, ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, Ҳаԥсадгьыл ахь иҳамоу абзиабареи ирсимволны» ишыҟоу, ара ҷыдала ишуныруа «аамҭақәа реимадара, ара ажәытәи аҿатәи реинырра иабзоураны даҽакы иаламҩашьо ҳақалақь ссир ахаҿра» шаԥҵоу.

 

Ахада иқәгылараҟны иаҵшьны иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь ишаланхо «уи гәыкала бзиа избо, збаҩхатәреи зџьабааи рыла есҽны ақалақь аԥшӡара еихазҳауа, аҿиара, аизҳазыӷьараҟны злагала ду ауаа».

  

 Гынба Бадра иазгәеиҭеит, Аҟәа аизҳазыӷьара амҩа ишану, убри аан аҭоурыхтә хаҿы шеқәырхоу. "Ааигәа иаартыз ирҿыцу аԥшаҳәа шаҳаҭра ауеит Аҟәеи Аԥсны зегьи аҩызцәаа бзиақәа шамоу". Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, атәыла ашәқәа шаарту згәы аарту, ҩызара ҳзызуа зегьы рзы.

 

Ахыркәшамҭазы Гәынба Бадра иҳәеит аринахысгьы Аԥсны аиҭакра бзиақәа ишраамҭахо, атәыла анапхгаа ирылшо зегьы шыҟарҵо ақалақь ахаҭабзиара аиӷьтәразы,  иамоу аҭоурыхтә хыԥша аихаҳаразы.

Read 28 times Last modified on Ашәахьа, 06 Ԥхынгәы 2026 18:45