Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иҳәеит:
▫ ️ «Ҳаҭыр зқәу Рустам Нургали-иԥа!
▫️ Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Гәахәара дууп сара сзы асасдкылара злоу аԥсуа дгьыл аҿы «бзиала шәаабеит» ҳәа шәаҳәара.
▫️ Аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс асас ҷыдала ҳаҭыр иқәырҵон. Ҳабдуцәа «асас дызҭааз Анцәа диҭааит» рҳәон.
Аха шықәсырацәалатәи аиҩызаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ҳадызҳәало ауаа анаҳҭаалак, ари аҩыза амш ҩынтәны ныҳәахоит. Абас иҟоу ныҳәоуп иахьа иазгәаҳҭо.
▫️ Иахьа ҳара иҳадаҳкылоит Ҭаҭарсҭани Урыстәылеи рҳәаақәа ирхысхьоу аҭаҭар милаҭтә ныҳәа Сабантуи. Уи есышықәса адунеи атәылақәа жәпакы рҿы иазгәарҭоит, аџьеи, аҭаацәаратә традициақәеи, аиҩызареи, аилибакаареи ҳаҭыр рықәызҵо миллионҩыла ауаа еидкыло.
▫️ Иахьатәи аныҳәа иналукааша культуратә хҭысны мацара иҟаӡам – ари Аԥсни Ҭаҭарсҭани ирыбжьоу аиҩызара ӷәӷәа иасимволуп, ҳажәларқәа ирыбжьоу аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи, гәык-ԥсыкала ргәеизыбылра ирсимволуп.
Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аамҭа иԥнашәаҵәҟьеит. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом Аԥсны иаҿагыланы агрессиа анхацыркха ахәбатәи амш Азы Ҟазахсҭан Ареспублика анапхгаҩы Нурсулҭан Назарбаев, Ҭаҭарсҭан Ареспублика анапхгаҩы Минтимер Шаимиев, Ареспублика Башкорҭосҭан анапхгаҩы Мурҭаз Рахимов аҳәамҭа шеицыҟарҵаз, иахмырԥакәа ашьакаҭәара аанкылахарц азы ааԥхьара ҟаҵаны ишықәгылаз аԥсуа жәлар рзакәантә интересқәа ҳасаб рзуны аимак аҭыԥ ақәҵаразы. Усҟан, ҳтәыла алахьынҵа аӡбара анымҩаԥысуаз иуадаҩыз амшқәа раан ари апринциптә, агәымшәаратә позициа Аԥсны азы аҵак дуӡӡа аман. Уи ҳара аиашареи, аидгылареи, аиашьаратә еизыҟазаашьеи раарԥшра аҳасабала иҳадаҳкылеит. Иҟашәҵаз адгылара Аԥсны ажәлар иахьа уажәраанӡагьы иргәалашәоит, ахә ҳаракны иршьоит.
▫️ Ҭаҭарсҭан иҟанаҵаз адгылара ажәала мцара акәымхеит. Акыр ихьанҭаз ашықәсқәа раан Аԥсныҟа иаауан агуманитартә еидарақәа, ахәшәқәа, афатә-ажәтә, абылтәы – ҳреспубликазы зыда ԥсыхәа ыҟамыз зегьы.
▫️ Аҵак ҷыда аман аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵараҿы ацхыраара. Ҭаҭарсҭан иреиҳаӡоу аҵараиурҭа хадақәа аԥсуа ҿар рзы рышәқәа аадыртит аибашьра ашықәсқәа раан еиԥш, уи анхыркәшаха ашьҭахьгьы. Арҭ аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа аӡәырҩы иахьагьы Аԥсны аизҳазыӷьаразы аус руеит, ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы рлагала дууп.
Ҳреспубликақәа рыбжьара аиҩызара ауасхыр ӷәӷәа азышьҭаҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, ҳмилаҭтә ԥхьагыла Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Актәи Ахада Минтимер Шьарып-иԥа Шаимиеви хаҭалатәи, агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа ирыбзоураны.
▫️ Машәырны иҟамлаӡеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира жәашықәса ахыҵраан Владислав Арӡынба ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәараҿы илагала ду азы, Аԥсны активла иаиҭоз ацхыраареи адгылареи рзы Минтимер Шьарип-иԥа Шаимиев «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахьианаишьаз.
▫️ Ари адгыларазы иҭабуп шахаҳҳәаауа атәы аҳәоит ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны Аҟәа иҟоу Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рымҩақәа. Аԥсны ауааԥсыра рзы ари ақалақь ахсаала иану хьыӡқәаны мацара иҟаӡам. Ари ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь реиҳа ихьанҭаз ашықәсқәа раан рлахьынҵа агәхьаа мкыкәа хазы имгылаз ирызку гәалашәароуп.
▫️ Иахьагьы ҳусеицура қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Ареспублика Ҭаҭарсҭан анапхгара иҟарҵаз адгылара иабзоураны Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак еиҭашьақәыргылоуп. Уи ҟаҵоуп ҳаамҭа иақәшәо, иԥшӡаны, иманшәаланы, ари есҽны иугәаланаршәалоит аиҩызара иаша аус бзиақәа рыла ишышьақәырӷәӷәахо.
▫️ Иара убас ҳара ҳаицәажәеит акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа активла рырҿиаразы. Ҳарҿиаратә коллективқәа еиҳа лассы-лассы Ҭаҭарсҭан иқәгылалоит, Ҭаҭарсҭан аколлективқәа — Аԥсны. Аԥсни Ҭаҭарсҭани руааԥсыра дара-дара рҭоурыхи, рытрадициақәеи, ркультуреи еиҳа еиӷьны рдырразы акультуратә, арҵаратә, аҿартә проектқәа еицынаҳагӡалоит. Агәра ганы сыҟоуп абас еиԥш иҟоу ауаҩытәыҩсатә еимадарақәа шракәу ҳажәларқәа реиҩызара арӷәӷәара зылшо».