▪️ Адышшыларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:
▪️ «Ҳаҭыр зқәу Делси Родригес!
▪️ Аԥсны жәлар рыхьӡала гәалсра дула сшәыдышшылоит Венесуела иҟалаз адгьылҵысра шәыжәлар ирзаанагаз арыцҳаразы. Ҳауаажәлар шәзықәшәаз арыцҳара инамаданы шәхьаа шәыцеиҩыршоит.
▪️ Агәырӷәӷәага ажәақәа рзыҳацҳауеит аԥсыҭбара иақәшәаз аҭаацәарақәа, иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьаҳшьоит ахәрақәа зауыз. Венесуелаа рзы ихьанҭоу арҭ амшқәа раан Аԥсны жәлар гәыла-ԥсыла адгылара рырҭоит.
▪️ Ишәзеиӷьаҳшьоит шәзықәшәаз арыцҳара аиааиразы ахачҳара».