Print this page
Аԥшьаша, 21 Лаҵара 2026 22:06

Аԥсны Амҳаџьырқәа ргәалашәара Амш иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит

Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш инамаданы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Амҳаџьырқәа абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада ари амш азы иҟаиҵаз ааԥхьара аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит:


«Ҳара зегьы иаҳдыруазароуп - ҳахьыҟазаалак аҧсуаа Ҧсадгьылс иҳамоу Аҧсноуп. Уи зегь ҳахшыҩ, ҳажәҩа еибыҭаны иҳахьчалароуп, ҧхьаҟа иаҳгалароуп. Ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра- ҳажәлар рзы баагәароуп, уи ауп алшара ҳазҭо ҳмилаҭ рыхьчаразы, ҳбызшәеи, ҳдоуҳатә культуреи реиқәырхаразы».

Read 47 times Last modified on Ахәаша, 22 Лаҵара 2026 00:21