Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи афорумқәа рҽаралхәра аҵак ду шамоу. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, Аԥсны аекономикатә лшара аӡыргаразы, аинвестициа ҿыцқәа ралагаларазы лшара бзианы иҟоуп.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников. Аекспозициаҟны уи диԥылеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба. Максим Решетников иӡыргаз апроектқәа ибеит.
Афорум аҟны аделегациақәа русура иацҵоуп. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Кавказтәи аинвестициатә форум - 2026 апленартә еилатәара далахәын.
Апленартә еилатәара атема - "Аинвестициатә ҳауа аиҭакра: аԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иҿыцу азнеишьақәа рыла".
Кавказтәи аинвестициатә форум зегь иреиҳау Урыстәыла иҟоу жәларбжьаратәи аинвестициатә еизарҭа ҳәа иԥхьаӡоуп.
Афорум аусура рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтә аофициалтә хаҭарнакцәеи аусдкылаҩцәеи рхаҭарнакцәа. Аилатәара атематика иаҵанакуеит актуалра змоу аекономика, аинфраструктура аҿиара, иара убас жәларбжьаратәи аусеицура арӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи афорум аҟны ареспублика алахәхара иамоу аҵак ду.